Арадио

Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит Гагра араионтә школқәа аҵарашықәс ҿыц ишазыхиоу атәы

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит араион ашколқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Ажьиԥҳа еиҭалҳәеит, Гагра араионтә школқәа аҵарашықәс ҿыц ишазыхиоу

"Иахьатәи амш азы ашкол аҭалара ҳазыхиоуп. Ашколқәа рҭагылазаашьа бзиоуп, ахәыҷқәа адгаланы ауадақәа еилҳаргеит. Араионаҿ иҟоуп актәи аԥсуа школ, уаҟа аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, 2019 шықәса рзы ахәыҷқәа ҳадыҳкылартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳауртә иҟалоит. Иахьатәи амш азы Гагра араионаҿ 18 школ ыҟоуп. Урҭ зегьы ахәыҷқәа рыдыркылартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп", — ҳәа азгәалҭеит Ажьиԥҳа.