Арадио

Габуниа SputnikPro иазкны: иҳауз адырра аԥхьаҟа ҳхы иаҳархәартә иҟоуп

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Габуниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дазааҭгылеит апроект SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны дызлахәыз амастер-класс.
Sputnik

"Дара агәахәара унаҭоит ас еиԥш атренинг, уи мҩаԥызго иԥышәа, иҩыӡара ахьынӡаҟоу уҳәа ицхыраагӡоу адырра аиуразы алшара ыҟан. Иахьазы иуадаҩуп аԥхьаҩцәа хьарԥшны ирызнауго аматериал иаԥхьартә еиԥш аҟаҵара. Уи ахатә знеишьақәа амоуп, уи аганахьала иҳауз адырра ҳхы иархәаны иаҳа еиӷьны аусура ҳалшап, иактуалтәу аинформациа ажәлар рҟынӡа анагара ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит", — иҳәеит Габуниа.

Апроект SputnikPro аҳәаақәа ирҭагӡаны аинформациатә агентра Sputnik апресс-центр аҟны имҩаԥысит ажурналистцәа, апресс-маӡаныҟәгаҩцәа рзы амастер-класс. Уи мҩаԥигеит Жәларбжьаратәи аинформациатә агентра "Россиа сегодня" арҵаратә программақәа рнапхгаҩы Олег Шьедров.