Ҳаџьымба: Аԥсны афымцамчтә система ауадаҩрақәа рацәаӡоуп

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба апресс-конференциа мҩаԥигеит ахәаша, нанҳәа 30 рзы. Аиԥылараҿы иара дрылацәажәеит атәыла аенергетика аҭагылзаашьа, афымцамч ахәԥса ашәара, абри аусхк аҟны аҭагылазаашьа аиӷьтәышьас иамоу.
Sputnik

Бадри Есиава, Sputnik

Аԥсны абарҭ ашықәсқәа зегьы аҽазышәарақәа мҩаԥнагоит ареспублика афымцамчтә система аиқәырхаразы, аха уи акыр иуадаҩуп ҳәа ишьоит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Басариа: абонентцәа ируалԥшьоуп афымцамч ҭазыҩуа ашәага-зага

Ҿырԥшыс иааигеит Гагра араион аҿы 2018 шықәса актәи азыбжаҿы "Амшынеиқәафымцамч" иахәҭаны иҟаз 130 миллион мааҭ рҟынтәи 16 миллион заҵәык аԥара алгара ахьалшаз. Ахада игәаанагарала арҭ аԥарақәа ареспублика апроблемақәа акыр рыӡбар рылшон.

"Иазгәасҭар сҭахуп Урыстәыла иҟанаҵаз ацхыраара аҭагылазаашьа акыр ишаԥсахыз. Иазгәашәҭазар акәхап аҵыхәтәантәи 3-4 шықәса рыҩныҵҟа афымцалашара арцәара акыр ишыԥку. Ус шакәугьы аҩныҵҟатәи аҳақәа рҭагылазаашьа акыр иԥсыҽуп. Ҳамацара ари аус аиҭакра алшоны иҟам иахьазы" — иҳәеит иара.

Аҭагылазаашьа аиӷьтәразы хымԥада иаҭахны иҟоуп аинвесторцәа иҳәеит иара. Иахьазы иазырхиоуп Аминистрцәа реилазаараҿы ишьҭоу апрограмма. Иара анагӡара иақәҵоуп жәа-миллиардк рҟынӡа аԥара. Актәи аетап аан иаҭаххоит х-миллиардк рҟынӡа.

Ԥхьаҟатәи аинвестициатә программақәа рҟны иарбоуп Гал араион аҟны аремонттә усурақәа. Аха макьаназ еилкаам апартниорцәа уи адгылара арҭо иарымҭо ҳәа далацәажәоит Ахада.

Аусура хацнаркит АҟәаГЕС. Иахьазы АҟәаГЕСи "Амшынеиқәафымцамчи" реизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара еиҿкаатәуп. Ахада иара убасгьы иҳәеит 2019 шықәса рзы ЕгрыГЕС аусура шаанымкылахо.