Арадио

Џьугьелиа: ақыҭаҿгьы абаҩхатәра змоу ахәыҷы дыбжьамӡроуп

Блабырхәатәи ашкол аркра азҵаара атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион аҵара аҟәша аиҳабы Инна Џьугьелиа.
Sputnik
Џьугелиаԥҳа: ақыҭаҿгьы абаҩхатәра ҷыда змоу ахәыҷы дыбжьамӡроуп

"Блабырхәатәи абжьаратә школ азҵаара изныкымкәа-иҩынтәымкәа иқәгылахьеит, уи апҳьа иҟан Бармышьтәи абжьаратә школгьы. Аамҭа ус еиԥш иҟанаҵеит, жәҩык рыда ыҟамызт ашкол аҿы. Аҵаратә-ааӡаратә процесс ишахәҭоу еиԥш имҩаԥысыртә аҭагылазаашьа ыҟамызт. Убри иахҟьеит ашкол аркрагьы. Ибзиан еилыскаауеит ақыҭа ашкол азҵаара, зегьы ақыҭа ҳалҵит. Абаҩхатәра ҷыда змоу ахәыҷы дыбжьамӡырц, даҽа ҭагылазаашьак аҿы аҵара зиаҳамҭеи ҳәа азҵаара цәырымҵыртә еиԥш иҟаҳҵеит. Ҳәарада, ахәыҷқәа аҭагылазаашьа рзаԥҵоуп ргара-раагара", — ҳәа азгәалҭеит Џьугьелиа.