"Союз" ашьшьара аиуит, аҳауагь ацәцо иалагеит

"Союз" ашьшьара аиуит, аҳауагь ацәцо иалагеит. Акомиссиа ҷыда уи адәныҟатәи анырроуп изыхҟьаз ҳәа ахырҳәаауеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 31 — Sputnik. Ари аус азы ҷыдала еиҿкааз акомиссиа  уи адәныҟатәи анырроуп изыхҟьаз ҳәа ахырҳәаауеит. Уажәы акосмостә ӷба "Союз МС-09" аҟны иҟалаз ахҭыс амзызқәа рыҭҵаара иаҿуп.

Аракета-космостә усхк аҟны имзыз хаданы изхәаԥшуа адәныҟатәи анырроуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Роскосмос" анапхгараҿ аиҭакрақәа ҟалоит

"Акомиссиа иҟалаз ҭырҵаауеит. Афото, авидеоматериалқәа ирыхәаԥшуеит. Макьаназ ишьақәыргылам микрометеориту, акосмос иатәу гәамсаму, аханатәтәи амалыр акәу", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Акосмостә ӷба Адгьыл аҿы агәаҭараани акосмос аҿы ҩымз аҟазараани вба амамызт.

Уаанӡатәи адырраҭарақәа рыла, аҳәынҭкорпорациа "Роскосмос", Аракета-космостә корпорациа "Энергия", аҭҵаарадырратә институт ЦНИИмаш иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы акомиссиа ҷыда аԥырҵеит.

Аԥшьаша ауха МКС аҟны аҳауацәцара шымҩаԥысуаз рбеит. Аекипаж аӷба анҭырҵаа ашьҭахь ишьақәдыргылеит "Союз МС-09" ахәҭаҿы ашьшьара шыҟаз. Албаашьҭыга аппарат аҿы акәзар шәарҭа ыҟам. Убри азы аекипаж Адгьыл ахь рыхынҳәра аҭаххар ԥынгыла роуам.

Уажәазы ашьшьара агерметик ҷыда ала иҷабуп.