Аԥсны Ахада адышшыларатә шәҟәы ишьҭит Донецкҟа

Александр Захарченкои ихьчаҩи ҭахеит нанҳәа 31 ауха, аресторан "Сепар" аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны. Ахәышәтәырҭахь днагоуп алагалақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 1– Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба адышшыларатә шәҟәы изишьҭит ДЖәР Ахада инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Трапезников ҳәа аанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

"Гәык-ԥсык аала срыдашшылоит Александр захарченко иҭаацәа, игәакьацәа, Донецктәи жәлар рреспублика ауааԥсыра. Александр Владимир-иԥа зыԥсадгьыл иапатриот иашаз, агәымшәара злаз уаҩын. Донбасс аԥа иаша иакәны дгылеит иара ахьчара аҭахханы ианыҟала, илшоз зегь ҟаиҵон аҭынчра ашьақәыргыларазы, ареспублика аршәҭыкакаҷразы", — ҳәа иҩуеит Ҳаџьымба.

Захарченко ишьра аганахь ала ашьаус хацыркуп

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит агәрагара шимоу лассы имгакәа ацәгьа зуз шаанкылахо, ирыхәҭогьы ишақәыршәахо.

"Абри амш хьанҭазы Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы шәгәырҩа шәыцеиҩыршоит", — ҳәа аҳәоит ашәҟәаҿы.

Александр Захарченкои ихьчаҩи ҭахеит нанҳәа 31 ауха, аресторан "Сепар" аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны. Ахәышәтәырҭахь днагоуп алагалақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев.

Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко иҭархара азыԥхьагәаҭан иагьымҩаԥган Украина амаҵзура ҷыдақәа рыла ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Уи атәы ҭелла иҳәеит ДЖәР Ахада иабжьагаҩ Александр Казаков.