Аԥсны зегь раасҭа имарианы уԥсы ахьушьо ҭыԥуп

Зегь раасҭа зыхәԥса лаҟәыз апутевка Аԥсны ԥшьымштәи аԥсшьара иазхан, арахь аареи акрыфарачареи рыда.
Sputnik

АҞӘА, цәыбрра 1 – Sputnik. Зегь раасҭа зыхәԥса лаҟәыз апутевка уаҩԥсык Аԥсны ԥшьымштәи иԥсшьара иазхан, арахь аареи акрыфарачареи рыда ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аныҟәарақәа рсервис Туту.ру. адыррақәа шьаҭас иганы.

Иҟоуп атуристцәа зыхәԥса ҳаракым атурқәа ззаахәаз: Чехиаҟа 7 302 мааҭ Болгариаҟа 9 204 мааҭ ҳәа, бырзентәылатәи акурорт Малиа – 9 213 мааҭ ҳәа. Зыхәԥса ҳаракым атурқәа аԥсшьаҩцәа ирыдыргалоит Бырзентәыла, Кипр, Италиа.

Ареитинг иаҵанакит Ҭырқәтәылагьы.

Урыстәылатәи аҩныҵҟатә туристтә џьармыкьаҿ зегь раасҭа зыхәԥса лаҟәыз атур Шәача иақәшәеит– 750 мааҭ уаҩԥсык изы.