Арадио

Хаҳәбиаԥҳа: аԥсшәа здыруеи иззымдыруеи ахәыҷқәа акласс аҟны еидыгатәуп

Тҟәарчал араион аҵара аҟәша аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Фросиа Хаҳәбиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит, аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа здыруеи иззымдыруеи еилартәаны аҵара дырҵара аԥышәа иаанарԥшыз.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Хаҳәбиаԥҳа аԥсшәа ашкол аҟны дырҵара атәы

"Ҳхатәы бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рацәаҩуп, уи зыхҟьо мзыз хадас иҟоу аҭаацәарақәа рҿы ахатәы бызшәа ахьырмаҳауа ауп. Аԥышәа ишаҳнарбо ала, актәи акласс аҿы иааиз ахәыҷқәа еиҳараҩык рхатәы бызшәа рҳәозар, абызшәа ззымдыруа анрылашәалак, урҭ ахәыҷқәа арҵаҩы иџьабаа иабзоураны- рбызшәа рҵартә иҟалар ауеит. Аха акласс аҿы збызшәа ззымдыруа анырацәоу — абызшәа аҳәара иаҟәыҵуеит. Ари азҵаара аиӷьтәразы иҟарҵаз мҩан аклассқәа ршара, реилыргара. Еиӷьны абызшәа здыруаз класск аҿы иаанрыжьуан, иаҳа иԥсыҽны издыруаз даҽаџьара ииаргон", — лҳәеит Хаҳәбиаԥҳа.