Арадио

Чыкәбарԥҳа аԥсуа бызшәа ашколқәа рҟны дырҵара азҵаара далацәажәеит

Бзыԥҭатәи актәи абжьаратә школ арҵаҩы Маиа Чыкәбарԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны аԥсуа бызшәа ашколқәа рҟны дырҵара азҵаара далацәажәеит.
Sputnik
"Коӷониаԥҳа лымҩаду":Чыкәбарԥҳа ашкол аҟны аԥсшәа дырҵара атәы

"Угәы ухьартә иҟоуп, иаҳзааиуа ахәыҷқәа 80 процент аԥсшәа раҳаӡом. Ари ус хьанҭоуп, избанзар аԥсшәа зынӡаск измаҳауа ахәыҷқәа аԥсышәала ашәҟәы ианадҳартәало акгьы рзеилкааӡом. Абраҟа арҵаҩы лџьабаа ӷәӷәоуп. Ҳашкол аҟынгьы ишьҭаҳхьеит азыҟаҵаратә класс азҵаара, аха жәаҩа шықәса ахәыҷқәа аҵара рҵалароуп ҳәа азгәаҭан. Убас иҟамлаӡари ахәыҷбаҳчаҿы аиҳабыратә гәыԥ аҟны ахәыҷы даннеи аԥсышәала иибо асахьа еилирго дҟалартә. Ус еиԥш ахәыҷы ашкол ахь данҳазнеи аус маншәалахоит", — лҳәеит Чыкәбарԥҳа.