Арадио

Какоба еиҭеиҳәеит аҭаацәарацәақәа ашколтә маҭәа шырзаахәаз атәы

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы еиҭеиҳәеит ашколтә маҭәа азҵаара атәы.
Sputnik

"Аҭаацәа, сгәы иаанагоит, ишакәхалакгьы аҵаҩ имаҭәа аума, мамзарагьы даҽа маҭәак аума, ирзаархәараны иҟан. Ҳара излагәаҳҭаз ала, аҵаҩы имаҭәа еиҵамзар еиҳам, абжьааԥны иаархәо аасҭа. Иага ус иҟазаргьы, ицәырҵит азҵаарақәа, аҭаацәа ааиуа иалагеит хәҩык, ԥшьҩык рҟныӡа ахәыҷкәа ҭаацәак рҟнытә иахьдәылҵуа. Араион аҵара аҟәша аиҳабацәа ираҳҭаз адҵала иҟарҵеит асиа, школцыԥхьаӡа иаҳа зҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа рхәыҷқәа рсиа ҟаҵаны иҳарҭарц, урҭ рхыԥхьаӡара 480-ҩык ҟалеит. Аԥсны аԥыза-министр иахь иҟаҳҵаз аҳәарала, иаахәан ашколтә маҭәа. Хымш-ԥшьымш раахыс ашара ҳаҿын, иахьагьы иааины изгаз ыҟоуп. Сгәы иаанагоит ари ахшара рацәа змоу аҭаацәа рзы, цхыраагӡоуп ҳәа,  амала ара исызҳәом, аҭаацәарацәа зегьы амаҭәа рзааҳхәар ҳалшоит ҳәа, иҟоуп зхы иахәартә еиԥш аҭагылазаашьа змоу", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба.