Аԥснытәи аделегациа Александр Захарченко дахьҭахаз аҭыԥ ахь инеиит

Александр Захарченко дҭахеит нанҳәа 31 рзы, аресторан "Сепар" аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik. Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи рделегациақәа неиит Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко дахьҭахаз аҭыԥ ахь, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны Ахада адышшыларатә шәҟәы ишьҭит Донецкҟа

"Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи рделегациақәа неиит Донецктәи жәлар рреспублика Ахада Александр Захарченко дахьҭахаз аҭыԥ ахь. Уа дара минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Александр Захарченко дҭахеит нанҳәа 31 рзы, аресторан "Сепар" аҿы иҟалаз аԥжәара иахҟьаны. Александр Захарченко данҭахоз ахәрақәа иоуит атәыла ахашәалақәеи ашәахтәқәеи рминистр Александр Тимофеев.

Ареспублика апрокуратура хада ашьаус хацнаркит. Иҟалаз терактуп ҳәа ишьоуп.

Захарченко иабжьагаҩ Александр Казаков иажәақәа рыла ацәгьоура ҟарҵеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу аанкылоуп.