Инаԥшьба еиҭеиҳәеит аԥсуааи Никарагуа инхои излеиԥшу
© Sputnik
"Никарагуа инхо маҷк аџьабаа абара иацәаашьоит, ашәшьырақәа инарыҵатәо-иаарыҵатәо зхы ныҟәазго уаауп. Аԥсуаа ҳаиԥш маҷк иаашьоит. Манагуа лассы-лассы адгьылҵысра ҟалалоит азы аҩнеихагыла ҳаракқәа гылам, зыгь еихагылак-еихагылак ауп ирымоу. Иҳәатәуп, ишырацәаҩу аӷарцәа, дара роуп аҳәынқарра ахадагьы далызхуа. Ҳара уа ҳаныҟаз аԥхын аҽеиҩшамҭаз акәын, дара рҿы аамҭала ӡынран. Аҳауаԥхарра +32 градус ыҟан. Уаҟа ҳара ҳҟны еиԥш иаадрыхуеит аџьықәреи аҟәыдыи. Ашықәс аанҵәаанӡа ҩынтә аҽаҩра ҭаргалоит", — еиҭеиҳәеит Инаԥшьба.