Арадио

Бжьаниаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәыла афедералтә архивқәа рҿы иԥшаахаз аматериалқәа рыӡбахә

Аԥсны атуризми ақалақь аргылареи рзы хәы змаӡам архивтә шәҟәқәа ԥшаахеит Урыстәыла еиуеиԥшым афедералтә архивқәа рҿы абри атәы лҳәеит Москва аҭоурых-архивтә институт аҿы аҵара зҵо Милана Бжьаниаԥҳа.
Sputnik

"Уаҟа ицәыргақәҵахоит ашәҟәқәа, архивтә материалқәа XX-тәи ашәышықәса иаҵанакуа. Инеиуа ахәаԥшҩы ибоит афедералтә архив аҟынтә, иара убас џьаргьы икьыԥхьымыз ахсаалақәа, аҵәаӷәанҵақәа, амаршруттә текстқәа. Зынӡа иҟалоит 14 стенд. Ацәыргақәҵа ааҳартуеит Аԥсны ахсаала азеижәтәи ашәышықәса иаҵанакуа ала, иара макьана акьыԥхь амбац. Ахәыԥшҩы ибар илшоит Пицундеи Гагреи асовет аамҭазы ишдыргылоз уҳәа убас еиуеиԥшым хәы змам архивтә материалқәа", — ҳәа азгәалҭеит Бжьаниаԥҳа.