АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Аиқәырхаратә маҵзура аӷбақәа Испаниаҟа инеиуаз 626-ҩык амигрантцәа еиқәдырхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Гибралтартәи аӡыбжьахалаҿ: ашхәақәа быжьба ирықәтәаз 192-ҩык еиқәдырхеит аӷбақәа Arcturus, Arenal, Gadir, Luz de Marр. Аӷбақәа амигрантцәа Альхесирас ақалақь ахь инаргеит. Альборан амшын аҿы: ашхәақәа хәба ирҭаз 243-ҩык еиқәдырхеит аӷба Caliope амшынуаа, урҭ Мотриль ақалақь ахь инагоуп, аӷба Hamal 60-ҩык Малагу ақалақь ахь инанагеит, Polimnia 20-ҩык ақалақь Альмериа ахь инанагеит, аӷба Spica 53-ҩык рыԥсҭазаара еиқәнархеит. Аӷба Alnitak 58-ҩык ахҵәацәа аднакылеит" ҳәа аҳәоит аиқәырхара амаҵзура ашәҟәаҿы.
Сынтәа мацара Испаниаҟа иаахьеит 25 нызқьҩык амигрантцәа.
Европа егьырҭ атәылақәа рахь сынтәа иаахьеит анхара иашьҭо 61,5 нызқьҩык амигрантцәа. Зықьҩыки бжаки амҩан иҭахеит.