Испаниа ааигәара амигрантцәа еиқәырхоуп

© AP Photo Emilio MorenattiМигранты на испанском спасательном судне
Мигранты на испанском спасательном судне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Испаниаҟа амигрантцәа раара аҵыхәтәантәи амзақәа рзы акыр ирацәахеит. Нанҳәа аҩбатәи азыбжазы мацара арахь иааиит 2170-ҩык ахҵәацәа.

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Аиқәырхаратә маҵзура аӷбақәа Испаниаҟа инеиуаз 626-ҩык амигрантцәа еиқәдырхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Гибралтартәи аӡыбжьахалаҿ: ашхәақәа быжьба ирықәтәаз 192-ҩык еиқәдырхеит аӷбақәа Arcturus, Arenal, Gadir, Luz de Marр. Аӷбақәа амигрантцәа Альхесирас ақалақь ахь инаргеит. Альборан амшын аҿы: ашхәақәа хәба ирҭаз 243-ҩык еиқәдырхеит аӷба Caliope амшынуаа, урҭ Мотриль ақалақь ахь инагоуп, аӷба Hamal 60-ҩык Малагу ақалақь ахь инанагеит, Polimnia 20-ҩык ақалақь Альмериа ахь инанагеит, аӷба Spica 53-ҩык рыԥсҭазаара еиқәнархеит. Аӷба Alnitak 58-ҩык ахҵәацәа аднакылеит" ҳәа аҳәоит аиқәырхара амаҵзура ашәҟәаҿы.

Сынтәа мацара Испаниаҟа иаахьеит 25 нызқьҩык амигрантцәа.

Европа егьырҭ атәылақәа рахь сынтәа иаахьеит анхара иашьҭо 61,5 нызқьҩык амигрантцәа. Зықьҩыки бжаки амҩан иҭахеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0