Трамп Урыстәыла "агуманитартә гха" ҟанамҵарц ааԥхьара ҟаиҵоит

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра уаанӡа аҳәамҭа ҟанаҵахьан Идлиб аибашьра амҩаԥысра иара аинтересқәа ишрыҵарымкуа азы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Аштатқәа рхада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит иазыԥхьагәаҭоу шьамтәылатәи ар Идлиб ржәылара гха дууп ҳәа, Урыстәыла ахьгьы ааԥхьара ҟаиҵоит Башар Асад анырра изыҟанаҵарц ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Путин: Шьамтәыла аиҭашьақәыргылара хымԥадатәиуп

"Шьамтәыла Ахада Башар Асад апровинциа Идлиб ажәлара азин имам. Аурысқәеи иранааи агха ду рыхьуеит абри аус рҽаларгалар. Зықьҩыла ауаа ҭахар алшоит. Иалышәмыршан убри аҩыза арыцҳара!" — ҳәа иҩуеит Трамп Twitter аҿы.

Апровинциа Идлиб аҵакыра иахьазы Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа хылаԥшра арҭаӡом. Уа иҟоу аоппозициаа рымчрақәа роуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьамтәыла акәша-мыкәша аибарххарақәа цоит.

"Агәыԥ "Хайат Тахрир Аш-Шам" атеррористцәа рҽазыҟарҵоит Дамаск ахимиатә бџьар ахы ианархәоит ҳәа аҽыԥныҳәа аҭара", — иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков.

Пентагон ахада Джеимс Меттис иажәақәа рыла, Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахы ианамырхәарц азы Урыстәылеи Еиду аштатқәеи аус еицыруеит.