Ҭырқәтәыла ар Шьамтәыла аҳәаа иаднахалоит

Ҭырқәтәыла Атме иҟоу ахҵәацәа рлагер арҭбааит, аԥыԥшырҭатә пунктқәа 12 арӷәӷәеит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 4 — Sputnik. Ҭырқәтәыла ар Шьамтәыла аҳәаа иаднахалоит, Атме иҟоу ахҵәацәа рлагер арҭбааит, аԥыԥшырҭатә пунктқәа 12 арӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭырқәа газеҭ Hurriyet адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Килис иалсны Шьамтәыла иаԥну аиланхарҭа Ельбеили ахь атанкқәеи агаубицақәеи зықәгылаз атранспорттә хархәагақәа рымҩасра азгәаҭан.

"Атехника аиҭагара — шәарҭадаратә усуп. Атанкқәа M60 аҳәаахь инашьҭуп ахҵәацәа раанкыларазы. Урҭ рхыԥхьаӡара еизҳап ҳәа агәаанагара ыҟоуп Идлиб ажәлара мҩаԥгахар" ҳәа аҳәоит агазеҭ аҿы.

Испаниа ааигәара амигрантцәа еиқәырхоуп

Апровинциа Идлиб аҵакыра иахьазы Шьамтәыла аиҳабыратә мчрақәа хылаԥшра арҭаӡом. Уа иҟоу аоппозициаа рымчрақәа роуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Шьамтәыла акәша-мыкәша аибарххарақәа цоит.

"Агәыԥ "Хайат Тахрир Аш-Шам" атеррористцәа рҽазыҟарҵоит Дамаск ахимиатә бџьар ахы ианархәоит ҳәа аҽыԥныҳәа аҭара", — иҳәеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков.

Пентагон ахада Џьеимс Меттис иажәақәа рыла, Шьамтәыла ахимиатә бџьар ахы ианамырхәарц азы Урыстәылеи Еиду аштатқәеи аус еицыруеит.

Уаанӡа Аштатқәа рхада Дональд Трамп аҳәамҭа ҟаиҵеит иазыԥхьагәаҭо шьамтәылатәи ар Идлиб ржәылара гха дууп ҳәа, Урыстәыла ахьгьы ааԥхьара ҟаиҵоит Башар Асад анырра изыҟанаҵарц. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра уаанӡа аҳәамҭа ҟанаҵахьан Идлиб аибашьра амҩаԥысра иара аинтересқәа ишрыҵарымкуа азы.