"Ахәцәа" аибашьра адәаҟынтә иқәган

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи. Аполигон "Ҵабал" аҟны имҩаԥган ахәцәа аибашьра адәаҟынтәи рықәгара аинсцинировка ҳәа ааицҳауеит аокруг апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Урыстәыла аладатәи арратә Округ аԥшыхәратә зыҟаҵарақәа мҩаҧнагеит

"Апрактикатә уснагӡатәқәа раан аҳақьымцәа, афельдшерцәа, асанитартә инструкторцәа рдыррақәа еиздырҳауан ахәцәа ралгареи аԥхьатәи ацхыраара аҟаҵареи рзы. Ахәцәа ықәыргон авертолиотқәа Ми-8АМТШ рыла" ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Хымштәи аҽазыҟаҵара ҷыдақәа мҩаԥысуан иҟалар зылшо аҭагылазаашьа акыр иазааигәатәны.

Амедперсонал разыҟаҵара мҩаԥысуан еиҭаҵуа адәынтәи агоспиталь ахархәаралеи ҳаамҭазтәи амедицинатә цхыраара ахархәагақәа, иаҳҳәап адефибриллиатор ДФР-02, МПР "Тритон" уҳәа рыла.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи.

Впервые в ходе РТУ военные медики ЮВО в Абхазии отработали эвакуацию раненных с поля боя на вертолетах Ми-8