Арадио

Кәираиа: аԥсыӡ хәыҷ ҳшашьҭаз аркьыц ала аду ҳкит

Аԥсыӡкҩы –абзиабаҩ Ерсҭоу Кәираиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ҳаӡқәа рҟны лассы иуԥымло аԥсыӡ хкы сибас Аӡҩыбжьа ишыркыз.
Sputnik

"Ари аҩыза аԥсыӡ ҳамшын иҭоуп аха, имаҷны иуԥылоит. Искуеит ҳәа уашьҭалар жәамш инацны ианыузымкуагьы ыҟоуп. Уи аԥсыӡ анаҳкуаз иара акәӡам ҳзышьҭаз, аркьыц ала аԥсыӡ хәыҷ ҳкып ҳәа акәын.  Уи кны ишааҳгоз сибас ашьҭалеит. Закәытә ԥсыӡыз ауаарашәа иҳамбеит. Хыхь иахагылаз ақәырцә акула еиԥш иҭҳәаны иавагежьуа иалагеит  икны иааҳгоз аԥсыӡ. Иаҳдырит аԥсыӡ шдууз, аха уиаҟара иҟоуп ҳәа ҳҟамлеит.  Аркьыц зкыз сашьа иакәын, аӡы ахықә ианазааигәаха сымаҭәа шысшәыз  сҭаԥалеит.  Аӡы аҟны иареи сареи ҳаисны, аԥсыԥ лагаҩагарҭа ахьыҟоу икны иҭызгеит. Аркьыц хәыҷ ала ари аҩыза аԥсыӡ шаҳкыз џьоушьап. Ҳгәылара иҟоу дәқьан хәыҷык аҟны иаҳкапанит, жәа-кьылак азы маҷӡак ауп иагхаз", — иҳәеит Кәираиа.