Арадио

Кәыҵниаԥҳа еиҭалҳәеит аԥсуа сыӡбал Аԥсны анҭыҵ изырзымҭиуа

Анаплакы "Асыӡбал" аиҳабы, анаплакыҩцәа ҿарацәа рассоциациа ахантәаҩы Камила Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит анаплакы аҿырҭбаара шаҭаху атәы.
Sputnik

"Аҽырҭбаара ҳҭахуп, аха ҳалшарақәа маҷуп. Убри азы ҳамч ахьынӡақәхо иҟаҳҵац ауп, иҳамоу ауп, уаҳа иаҳзацымҵац. Аҳәынҭқарра ахадара даара ҳақәдыргәыӷуеит, аха макьана ҳаԥшуп. Еиҭа хаҽҳарҭбаарцаз иаҳҭахуп аус злаҳуа амаругақәа, иара ахыбра ахаҭагьы, анаҩс ҳааглых Аԥсны анҭыҵ иахьаҳагӡартә еиԥш иҟалоит. Макьана аиқәшаҳаҭрақәа ҳнапы ҳазрыҵаҩӡом, Аԥсны иагыжьны, анҭыҵ иаҳзышьҭӡом, макьана ҳтәыла азхара ауп иҳамоу", — ҳәа азгәалҭеит Кәыҵниаԥҳа.