"Ҳара Урыстәылантәи ҳҳәынҭқарра ашәарҭара амаӡам, уи ашәарҭара мргылара аганахь, Қырҭҭәылантәи ауп ишаауа. Ҳауаажәлар иахьа ирхәышәтәуама, аӡәы акредит ирҭома, иҟарҵо зегьы ҳаархәарц рҭахуп. Иахьа ақырҭуа политика зызку Аԥсны жәлар раахәара ауп. Ҳрыԥхьаӡеит, арҭ усгьы имаҷуп ҳәа ауп ишыҟоу. Дара ирыцхраауа, аԥара рызҭо рымоуп. Қырҭтәыла инхо ртәылауаҩ ихәшәтәразы шықәсык 60 нызқь мааҭ нырхуазар, аԥсуа днеир 500 нызқь мааҭгьы нырхуеит. Ақырҭцәа ччоит ҳҳәынҭқарра аԥсуаа иаҳа ирыцхраауеит ҳара ҳаасҭа ҳәа. Ужәлар рацкьыс даҽа жәларык бзиа ишԥаубо, убри агәра ҳзыгару ҳара? Излымшо усуп уи. Ари зегь ҭырҵаауеит европатәи аинститутқәа рхы иархәаны. Ҳара ҳхыԥхьаӡара, еиласоу аҭаацәарақәа шаҟа ыҟоу, ақырҭцәеи, аԥсуаа шаҟаҩы дара рышҟа ирзыиаго. Уацәшәартә иҟоуп аҭагылазаашьа, аха уеизгьы сгәыӷуеит ҳажәлар рхы рымҭиип ҳәа", — иҳәеит Надараиа.