Tvil.ru адыррақәа рыла аԥсшьаразы еиҳа изазҵаауаз атәылақәа иреиуан Аԥсны

Анхарҭа ҭыԥ заа аҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru адыррақәа рыла Аԥсны бжьаратәла жәаба-жәаба мшы рыԥсы ршьон.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 6– Sputnik. Анхарҭа ҭыԥ заа аҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru адыррақәа рыла 2018 шықәса рзы аԥсшьаразы еиҳа изазҵаауаз атәылақәа иреиуан Аԥсны. Ара бжьаратәла жәаба-жәаба мшы рыԥсы ршьон.

Еиҳа иалыркаауаз курорттә қалақьуп – Гагра. Нас, Цандрыԥшь, Аҟәа, Афон Ҿыц, Пицунда.

Зегь раасҭа атуристцәа рыԥсы марианы иршьон Цандрыԥшь – уахыки-ҽнаки рзы 1600 мааҭ ршәон, еиҳа ахәԥса ҳаракын – Пицунда. Уа аԥхьара х-нызқьмааҭ артәон.

Tvil.ru — эаԥсшьареи аныҟәарақәеи рзы заанаҵы анхарҭаҭыԥқәа ахьҿарҵо урыстәылатәи саитуп.

Урыстәыла атуроператорцәа рассоциа астатистика ала 2018 шықәса рзы еиҳа аԥсшьараз ауаа зазҵаауа ҭыԥны иҟалеит Аԥсны. Атәыла иаҭаахьеит миллионки 773 нызқьҩык ауааԥсыра.