Раԥхьаӡакәны Очамчыра имҩаԥысит Ингәыштәыла акультура амшқәа

Очамчыра ихыркәшан ҩымш ицоз Ингәыштәыла акультура амшқәа. Апроект алыршан Урыстәыла акультура аминистрра, Аԥсны акультуреи акультуратә ҭынха ахьчареи рминистрра, иара убас "Россотрудничество" Аԥснытәи ахаҭарнакцәа рыцхыраарала. Актәи акультуратә мшы мҩаԥысит Аҟәа. Адырҩаҽны асасцәа Очамчыра ақалақь иаҭааит.
Sputnik

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Агәаҳәара змаз зегьы рзы Очамчыра акультуратә хан аҟны еиҿкаан аингуш напҟазацәа рцәыргақәҵа. Араҟа иҟан еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуа аусумҭақәа: амилаҭ цәамаҭәа, аҿыханҵа, амҿлых напҟазара. Насгьы еиҿкаан "алитературақәа еигәныҩлар – ажәларқәагьы еигәныҩлоит" захьӡу ашәҟәқәа рцәыргақәҵа.

Раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит Ингәыштәыла акультура амшқәа

"Ҳара раԥхьаӡакәны аԥсны ҳаҭааит. Агәыӷра сымоуп уажәшьҭарнахыс ҳара ҳажәларқәа арҿиаратә усеицура шрыбжьало ала, – ҳәа азгәалҭеит Ингәыштәыла акультура аминистр Марет Газдиева- ҩымш ирылагӡаны ҳара аусура ҳаҿын, аха убри аамҭазгьы аԥсшьарагьы ҳахьӡон. Ҳааԥсаӡомызт, избанзар аԥсуа хәаԥшҩы дааџьоушьартә игәы аартуп, арҿиара пату ақәиҵоит. Арахь ҳаара алзыршаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит", — лҳәеит лара.

Ацәыргақәҵа ианахәаԥш ашьҭахь ингәыштәылатәи артистцәа ахәаԥшцәа иддырбеит аконцерт программа. Уи хацыркын амилаҭ кәашарақәа рзы Аҳәынҭқарратә ансамбль "Ингушетиа" ақәгылара ала. Ари акәашара иаразнак азал аԥсы ҭанаҵеит. Анаҩстәи ақәгыларақәа зегьы напеинҟьара дула имҩасуан.

Аԥсны имҩаԥысит ансамбль "Ингушетия" аконцерт

Иаарласны акәашацәа инарымырдеит ашәаҳәацәагьы. Ингәыш бызшәалеи урысшәалеи ашәақәа нарыгӡеит Ингәыштәыла жәлар рартист Алаудин Есмурзиев, атәыла зҽаԥсазтәыз артистцәа Рахман Беков, Луиза Ельџьуркаева, Адам Алиев. Аха ахәаԥшцәа рзы аҳамҭа хада цәырган аконцерт анҵәамҭазы. Ингәыштәыла зҽаԥсазтәыз артистка Белла Базоркина иналыгӡеит аԥсуа жәлар рашәа "Уазамаҭ ахаҵа". Ари ашәа анынҵәагьы анапеинҟьабжьқәа кыр аамҭа еихсыӷьуамызт.

"Ингәыштәылеи ҳареи рацәак ҳаимадаӡам. Убри аҟнытә аҵыхәтәантәи ҩымш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа акультуратә мшқәа ҳара ҳзы илшара бзиоуп аигәныҩразы, ацҳақәа рыхҵаразы. Ари раԥхьатәи шьаҿоуп. Анаҩстәи ашьаҿақәа еиҳагьы рымҽхак ҭбаахапт ҳәа сгәы иаанагоит"- иҳәеит Аԥсны акультура аминистрра аусзуҩы Адамыр Гәынба.

Ҩымш рыҩнуҵҟа ицоз Ингәыштәыла акультуратә мшқәа анхыркәшаха артистцәа рыҩныҟа амҩа иқәлеит.

Раԥхьаӡакәны Аԥсны имҩаԥысит Ингәыштәыла акультура амшқәа