Арадио

Аџьынџьал: азакәан ақәныҟәаразы аполитикатә гәаҳәара ыҟазароуп

Ауаажәларратә усзуҩы Рисмаг Аџьынџьал арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы еиҭеиҳәеит "акоррупциа аԥырҟәҟәааразы" азакәан иалагалатәны ҳәа ииԥхьаӡо атәы.
Sputnik

"Акоррупциа аԥырҟәҟәааразы азакәан раԥхьаӡа иалагалатәу хәҭаҷны ҳахәаԥшуеит, ачынуаҩ имал арбара. Астатистика излаҳәо ала, 30 нызқьҩык ачынуаа ҳамоуп, аҳәынҭқарра аусзуҩцәа. Аха дара зегьы ҳҭахым, ҳара иаҳҭаху аиҳабыра роуп. Убырҭ рдекларациақәа ажәлар ирбалар ауп. Имоу ахьынтәииагаз, дахьцаз, дызлацаз уҳәа зегьы ҭагалатәуп. Уи иахьӡуп ахашәалахәазы адекларациа арбара. Ус рҳәоит азакәан амаа зку иахьырҭаху иарҭоит ҳәа. Аха аполитикатә гәаҳәара ыҟазар, иҟаумҵо ҳәа акгьы ыҟаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Аџьынџьал.