"Дарбанзаалакгьы ауаҩы идыруазароуп аԥхьатәи ацхыраара ласы аҭашьа, уи амедицина дадҳәаламзаргьы. Уи иадҳәалоу ҳганахьала ҳус ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит, ауаҩы ишаҳәҭоу аԥхьатәи ацхырра иҭара. Раԥхьаӡа акәны ауаҩы раԥхьатәи ацхыраара ласы исҭеит, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҿы аусура саналага. Ауаҩы амҩатә машәыр дақәшәеит, иаарту аԥҵәара ҳәа изышьҭоу иман. Иахәҭаз ацхыраара ласы иҭаны, ацхыраара ласы амашьына ҳаԥхьеит", — илгәалалыршәоит Амҷыԥҳа.