АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik. Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа дҭахеит амҩатә машәыр аан, цәыббра 8 рзы. Аԥыза-министр имашьына иасыз автомобиль ВАЗ-21099 аԥсҟы зкыз анаркотикатә маҭәашьарқәа идкыланы дыҟан ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны Апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.
Даур Амҷба иазгәеиҭеит амашьына аԥсҟы шикыз Жәандәрыԥшь ақыҭа иалҵыз Ҳаџьараҭ Ҭарсман. "Ишьа анализ анырга еилкаахеит анаркотикатә маҭәашьар шалаз", — иҳәеит иара.
Геннади Гагәылиа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз аԥсуа делегациа дахәҭакны Шьамтәыла официалла даҭааны дыҟан.
Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз, рзы амҩаду "Ԥсоу-Аҟәа", Мысра ааигәара иҟалаз амашәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8, асааҭ 23:10 рзы
Амҩатә машәыр шыҟалаз азы адырра ҟаҵан асааҭ 23:10 рзы. Ахәышәтәырҭахь инаган хҩык. Аԥыза-министр иԥсҭазаара далҵит ҳәа рҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.
Аҭыԥ аҿы аус руеит азинхьчаратә органқәа. Иҟалаз шыҟалаз азы аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.