"Аԥсны гәыӷрак амазар, Геннади Гәагәылиа ихьыӡ иадҳәалан, убас зыԥсадгьыл алахьынҵа иазхәыцуаз дыҟамзар ҟалап, ҳаргьы убри ҳалаиааӡон. Исцәыуадаҩуп аҳәара… Геннади Гагәылиа дшыџьбаразгьы, ҳара Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҿы аус зуаз зегьы хәыҷқәак реиԥш даҳзыҟан. Ианаҭахызгьы ҳицәшәон, аха зегьы абык еиԥш даҳзыҟан. Даара дҳагҳеит", — ҳәа лҳәеит Ҭыжәԥҳа.
Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәлиа амҩатә машәыр аҟны дҭахеит цәыббрамза 8 рзы, асабша ауха, Шәачатәи аҳаирбаӷәазантә Аҟәаҟа аиҳабыра рмашьынақәа еишьҭагылан ишаауаз. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәлиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз.