Аамҭала Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡалоит Даур Аршба

Аамҭала Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡалоит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik. Аамҭала Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡалоит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба ҳәа аанацҳауеит РИА Новости атәыла Ахада ипресс-маҵзура аддыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Азакәан инақәыршәан аамҭала Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡалоит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Даур Аршба", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы. Ареспубликаҿ ирылаҳәоуп алахьеиқәра. Атәыла абираҟқәа лашьҭуп. Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа зегь аанкылоуп.