Аҽазыҟаҵарақәа ирылагӡаны аррамаҵзурауааа инырхит 25 000 рҟынӡа аџьаԥҳаны

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи. Абарҭ аҽазыҟаҵарақәа ирылагӡаны аррамаҵзурауааа инырхит 25 000 рҟынӡа аџьаԥҳаны ҳәа ааицҳауеит аокруг апресс-маҵзура аиҳабы, аполковник Вадим Астафиев.

Авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Ахысрақәа мҩаԥыргон иҟоу абџьархкқәа зегь рыла. Аҽазыҟаҵарақәа рхыркәшамҭазы имҩаԥыргон ашьхара иахьаԥну араионқәа рҿы ахысрақәа. Абри аан ахархәара рыҭан агранатаршәга "Пламя", акәылӡытранспартиорқәа БТР-82АМ, артиллериатә гаубицақәа уҳәа хкырацәала абџьар.

Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа. Иара иалахәуп зықьҩык рҟынӡа аруааи 300 ак арратә техникеи. Ахархәара рыҭоуп акәылӡтәы машьынақәа КамАЗ "Мустанг", аимадара машьынақәа БТР-80.

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит нанҳәа 20 инаркны цәыббра 15 рҟынӡа.

1 / 5
Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии
2 / 5
Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии
3 / 5
Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии
4 / 5
Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии
5 / 5
Двусторонние ротно-тактические учения в воинских частях ЮВО в Абхазии