Аҟәысба Гагәылиа иҭахаразы: ас еиԥш ауаҩы амҩаҿы ааха аҟынтәи дҭамхар акәын
© Sputnik
"Ҳауаажәлар срыдышшылоит. Ари ахҭыс даара гәалсра дула иҳадаҳкылеит. Ҳхәынҭқарра еиҭашьақәгылеижьҭеи аус адызулоз аиҳабыра рхада иҭахара гәыхь дууп. Еиҳагьы игәалсраны иҳадаҳкылеит амҩаҿы ааха иоуны иԥсҭазаара дахьалҵыз. Ари иҩыза ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ас рҭахара ҟамлароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аҳәынҭкарра анапхгара, аиҳабыра хаҭала аус адыруларц срыҳәоит. Ҭырқәтәыла иқәынхо ҳауаажәлар, шәашьцәа ҳшәыдышшылоит", —иҳәеит Аҟәысба.