Апрокурор хада ицхырааҩ: амҩатә машәыр изыхҟьаз ауаҩы даанкылоуп

Амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз ауаҩы даанкылоуп.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиԥҳа. Гәдоуҭатәи араионтә ӡбарҭа 15 мшы ҳәа дааннакылеит ВАЗ-21099 аԥсҟы зкыз, амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз аныцә идкылан дахьыҟаз инадҳәалан. Абри ахҳәаа аиҭеит Апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит цәыббрамза 12 аҽны

"Макьаназ адокументқәа реиқәыршәара мҩаԥысуеит. ВАЗ-21099 аԥсҟы зкыз Ҳаџьараҭ Ҭарсман анаркотикатә маҭәашьар, аныцә, идкылан дахьыҟаз азы 15 мшы даанкылоуп", — иҳәеит иара.

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 асааҭ 14:00 рзы. Аамҭақәак рышьҭахь Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

Ашьаус хацыркуп.