Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша дырҳәит

Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь ааигәара иҟоу Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит асааҭ 12:50 рзы ашәахьа.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 10– Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь ааигәара иҟоу Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит ҳәа иҟоу аинформациа шьақәирӷәӷәеит абанк ахантәаҩы Роберт Агрба.

"Ааи, ацәгьоура аҭыԥ амоуп. 200 000 мааҭ аԥара ргеит. Уажәы аҭыԥ аҿы аус руеит азинхьчаратә органқәа" ҳәа еиҭеиҳәоит Агрба.

Ишьақәыргылам аинформациала абанк иақәлеит асабрадақәа зҿаз хҩык ахацәа.

Аԥсны аҵәахырҭатә банк иашьаҭаркҩуп аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгылоу Амилаҭтә банк. Иахьазы абанк активқәа идыртәоит 45%. аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа 7 амоуп.