Арадио

Хәаџьааԥҳа Гагәылиа изкны: Аԥсны азхаҵара амҩа дшықәыз дҭахеит

Ажурналист Емма Хәаџьааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҿы иазгәалҭеит Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа ҳҳәынҭқарра азхаҵараҿы илагала шырацәоу.
Sputnik
Хәаџьаа Гагәылиа изкны: Аԥсны азхаҵара амҩа дшықәыз дҭахеит

"Сгәаанагарала, Геннади Гагәылиа азхҵара амҩа дшықәыз дҭахеит. Амҩаду аҟны иҟалаз ари рыцҳара дууп. Геннади Гагәыли дреиуоуп аԥышәа ду змаз, зус бзиан издыруаз ауаа. Ажәытә атәы ҳҳәозар, раԥхьатәи аԥсуа политикцәа, аибашьра ашьҭахьтәи Аԥсны аҳәынҭқарра аргылара, ашьақәыргылара ҳанаҿыз, уи еидызкылоз дреиуоуп, Владислав Арӡынба идгылаз, аполитика иалагылаз аӡә иакәны дсыԥхьаӡоит. Иара аҳәынҭқарра адәныҟатәи азхаҵаразы иҟаиҵаз даара ирацәоуп", — ҳәа азгәалҭеит Хәаџьааԥҳа.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәлиа амҩатә машәыр аҟны дҭахеит цәыббрамза 8 рзы, асабша ауха,  аиҳабыра рмашьынақәа еишьҭагыланы Шәачатәи аҳаирбаӷәазантә Аҟәаҟа ишаауаз. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәлиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара