"Ари аспорт хкы сгәаԥхоит, убаҩ арҵәуеит, удоҳатә дунеи ҭышәнартәалоит. Аусура аҟнытә уааԥсаны аспортазал аҟны уанааилак, иара сара сзы ԥсыршьагоуп. Ухы аԥсы ашьоит. Иумоу ауадаҩрақәа зегьы уманы азал ахь уанааилак, адәныҟа иаанужьуеит. Ухы цқьаны атехникатә ҽазыҟаҵара уҽазыукуеит", — иҳәеит Аиба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы.