Лазба: ирацәаҩуп аԥсуа- абаза диаспора рхаҭарнакцәа рҟынтә аҩырақәа аанзыжьуа
© Sputnik
"Ҩымш ирылагӡаны ирацәаҩуп аԥсуа-абаза рхаҭарнакцәа рҟнытә иааихьо. Еиуеиԥшым аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа иааиз рҟынтә дыҟоуп аԥсуа культуратә хеилаққәа рфедерациа анапхгаҩы Аҭанур Аҟәысба. Анкарантәи, Кавказтәи акультуратә хеидкыла афедерациа анапхгаҩы иааишьҭит адышшыларатә шәҟәы. Аԥсны аҳәынҭқарра Ҭырқәтәыла иҟоу ахаҭарнакра иаҭааит Кавказтәи афонд ааиҳабы, даҳзааит аланаа рфонд аиҳабы, иара убас Сҭамԥыл иҟоу абыргцәа рхеилак аиҳабы адышшылара аниҵеит, Адунеизегьтәи аԥсуа-база конгресс Ҭырқәтәыла ахаҭарнакыс иҟоу хаҭала даҳҭаиит. Ирацәаҩуп Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа хаҭалагьы дыздыруаз", — ҳәа азгәаиҭеит Лазба.