Аԥсны аԥыза-министр дахьҭахаз амҩатә машәыр зхароу ҩымз ҳәа дҭакуп

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа Шьамтәыла официалтә ныҟәарала иҟаз аԥсуа делегациа далахәын. Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәыз аиҳабыратә кортеж амҩатә машәыр ианиеит цәыббра 8 ауха. Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амҩатә машәыр зымпыҵҟьаз, автомашьына ВАЗ-21099 аԥсҟы зкыз Ҳаџьараҭ Ҭарсман ҩымз ҳәа дҭакуп иҳәеит Аԥсны апрокурор хада ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Иацы ашьаус ашьаусҭҵааратә усбарҭахь ирыҭан Гәдоуҭатәи араионтә усбарҭаҟынтәи. Ашьаусҭҵаара идикылеит Апрокуратура хада ашьаусҭҵааратә усбарҭа аусҭҵааҩ еиҳабы. Иахьа азыҳәа наҳашьҭит Ҭарсман ҩымз ҳәа иҭакразы. Аӡбарҭа уи иақәшаҳаҭхеит", — иҳәеит иара.

Лев Амыҷба: Геннади Гагәылиа аџьбарареи, аразреи иныԥшуан

Ҭарсман ҩымз ҳәа дҭакуп. Абри аамҭа иалагӡаны аус аҭҵаара мҩаԥгахоит.

"Иара ихара мап ацәикуам, амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа шеилеигаз дақәшаҳаҭуп", — ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.

Ашьаус хацыркуп Аԥсны ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 263 инақәыршәаны.

Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа Шьамтәыла официалла иаҭааны иҟаз аԥсуа делегациа далахәын. Шәачатәи аҳаирбаӷәаза аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәыз аиҳабыратә кортеж амҩатә машәыр ианиеит цәыббра 8 ауха. Геннади Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.