Арадио

Арсҭаа: амашьынарныҟәцаҩцәа рҟнытә ирацәаҩуп акортеж баны ишанханы иаанхо

Амҩаҿы ашәарҭадареи, акортеж анибо аамҭазы амашьынарныҟәцаҩ ихы мҩаԥигар шакәуи арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсуа телехәаԥшраҿы адырраҭара Авторивиера амҩаԥгаҩ Гарри Арсҭаа.
Sputnik
Хра злоу ахҭысқәа: Арсҭаа амҩаҿы ашәарҭадара иазкны

"Амашьынақәа еишьҭагыланы, аколлона анныҟәуго, уи ахатә ԥҟарақәа амоуп. Урҭ ирыцугьы автоинспекциа аузуҩцәеи аҩныҵҟатәи ашәарҭадара аусбараҭа аусзуҩцәеи ирымоуп рхатәы инструкциақәа, акортеж шымҩаԥгатәу азы. Абас ирлас аколлона анцо амашьынарныҟәцаҩцәа рҟынтә аӡәы ишахәҭоу  ихы мҩаԥигоит, даҽаӡәых дгачамкны даанхоит. Иара аԥҟара ишаҳәо ала, амҩа уаныҵны уаангылар ауп, аха лассы-лассы ус еиԥш аҭыпқәагьы ахьыҟам ыҟоуп, убри аан амҩатә машәыр ацәцара уадаҩуп", — ҳәа азгәеиҭеит Арсҭаа.