Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩа

Sputnik

Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз, амҩаду "Ԥсоу-Аҟәа" дшаныз Мысратәи абжьаларҭа азааигәара иҟалаз амашәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8 рзы.

Алахьеиқәратә митинг мҩаԥысит Гәдоуҭатәи акультуратә хан ахыбраҿы. 

Аԥыза-министр аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц шәҩыла ажәлар еизеит, атәыла анапхгареи араионқәа рхадацәеи уахь иналаҵаны, Аԥсныҟа иааит иара убас Урыстәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие, Донецк рҟынтә аделегациақәа.

1 / 15
Аҵыхәтәантәи амҩахь анаскьагара ацеремониа мҩаԥысит Гәдоуҭатәи акультуратә хан ахыбраҿы.
2 / 15
Геннади Гагәылиа иҭаацәа.
3 / 15
Геннади Гагәылиа дҭахеит амҩатә машәыр иахҟьаны, цәыббрамза 8 рзы.
4 / 15
Аԥсны аиҳабыра.
5 / 15
Атәыла араионқәа зегьы рҟынтә ажәлар еизеит Геннади Гагәылиа дымҩаԥыргарц.
6 / 15
Акультуратә хан аекран ду аҟны Геннади Гагәылиа иԥсҭазаараҟнытә архивтә кадрқәа ддырбон.
7 / 15
Геннади Гагәылиа даара ижәлар ргәы далсит.
8 / 15
Аԥыза-министр аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргарц ауаа рацәа еизеит, арахь иааит уи иҩызцәа, иколлегацәа, атәыла анапхгареи араионқәа рхадацәеи, аҳәаанырцәтәи атәылақәа рҟынтә аделегациақәа.
9 / 15
Акультуратә хан аҟны имҩаԥысит алахьеиқәратә митинг.
10 / 15
Аҳҭыртә ҟарул Аԥсны аԥыза-министр дымҩаԥыргоит.
11 / 15
Геннади Гагәылиа - зыхьӡ нагоу ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩы, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аԥиҵеит.
12 / 15
Геннади Гагәылиа анышә дамардеит иқыҭа гәакьа Лыхны.
13 / 15
Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны алахьеиқәратә митинг хыркәшахеит 15 сааҭ рзы.
14 / 15
Геннади Гагәылиа ишихәҭоу еиԥш ҳаҭырқәҵара дула дымҩаԥыргеит.
15 / 15
Геннади Гагәылиа анышә дамадоуп иани, иаби, иашьцәеи рывараҿы.