Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара ацеремониа хацыркхеит

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр ала дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы.
Sputnik

ГӘДОУҬА, цәыббра 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Геннади Гагәылиа инаскьагара ацеремониа иалагеит Гәдоуҭа Акультура ахан аҿы ахаша, цәыббра 12 рзы ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Зус иазҟазаз, зажәа нагаз: шықәсык Геннади Гагәылиа ида

Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагаразы арахь иааит атәыла анапхгара, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи еиҿкаарақәа рлахәылацәа, иуацәа, аус ицызуаз.

Ацеремониа хацыркхеит асааҭ 11 рзы. Алахьеиқәратә митинг мҩаԥгахоит асааҭ 14:00 рзы. Абри ашьҭахь Аԥсны Аԥыза-министр анышә дамардоит иқыҭа гәакьа Лыхны.

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы. Атәыла анапхгара алахьеиқәра рыларҳәеит. Ахашаҽны атәыла абираҟқәа ларышьҭит, акультуратә усҳәарҭақәеи ателерадиоеилахәырақәеи агәырӷьаратә уснагӡатәқәа аҟәырхит.

1 / 3
Церемония прощания с Геннадием Гагулия
2 / 3
Началась церемония прощания с Геннадием Гагулия
3 / 3
Церемония прощания с Геннадием Гагулия