Арадио

Ҵәыџьԥҳа Геннади Гагәылиа изкны: зажәеи зуси еимадаз уаҩын

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата адәныҟатәи аусқәеи аинвестициақәеи рыҟәша аиҳабы Кама Ҵәыџьԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит Геннади Гагәылиа аҿар рыԥсадгьыл ахь абзиабара шрылаиааӡоз, Аԥсны аргылара - аҿар ирусуп ҳәа ишиԥхьаӡоз.
Sputnik

"Геннади Леонид-иԥа сгәалашәараҿы даанхоит илахҿыхыз уаҩны. Иара зажәеи зуси еимадаз уаҩын, идыруан ихы шымҩаԥигашаз. Шьамтәылан ҳаҟазаара аамҭазы аҵыхәтәантәи ифотоҭыхымҭақәа сара соуп иҟазҵаз. Уа еизаз зегьы иара дырдыруан, зегьы пату иқәырҵон. Геннади Леонид-иԥа данцәажәоз аӡәгьы ҿаҳҭуамызт, зыгьы ҳлымҳа кыдҵан ҳӡырҩуан. Иажәа ҳара ҳзы изакәанын", — ҳәа азгәалҭеит Ҵәыџьԥҳа.