"Ажәытә аԥсуа жьқәа рҟнытә ианысҵеит акаҷыҷ, аихаҳара саҿуп. Иара ҳцәыӡны иҟан, хәыҷы-хәыҷла ишьақәҳаргылоит ҳәа ҳаҿуп. Анкьа акаҷыҷ рхәышәтәӡомызт, аха аҵла иақәын, уи иахьчон, ҳара адаҷ иақәҵан ауп ишҳамоу, аҳауагьы уажәтәи аамҭазы даҽакуп, уи ауп ажь зыԥхасҭахогьы. Сынтәатәи аҽаҩра даара ибзиоуп, иара аҳарданыжь акәзаргьы ибзиоуп, цәгьа ианаалеит. Аха ари аус ухы адуҵароуп, бзиа иубароуп, иагу-иабзоу еилургароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Кәрацхьелиа.