Сальвадор уаанӡатәи ахада ҭакрала жәа-шықәса иқәҵоуп

Антонио Сака дырбаандаҩын 2016 шықәса рзы акоррупциеи аҳәынҭқарратә мазара аныхреи дрылахәуп ҳәа ишьаны. Иара убасгьы ахара идҵан закәандарыла дбеиахеит ҳәа ишьаны, имандат аҿҳәара нҵәаанӡа иԥхьаӡарақәа рҿы 5 миллион доллар аҟазаара аҵаҵӷәы ахьизымҳәаз инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13– Sputnik. Сальвадор уаанӡатәи ахада Антонио Сака ахашаҽны иус ӡбны акоррупциазы жәа-шықәса иқәырҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Сальвадор уаанӡатәи ахада Антонио Сака ахашаҽны иус ӡбны акоррупциазыи аҳәынҭқарратә ԥара аӡарази жәа-шықәса иқәырҵеит. Иара драԥхьатәиуп акоррупциа иадҳәалоу ацәгьоуразы зус рыӡбхьоу аҳәынҭқарра уаанӡатәи ахадацәа", — ҳәа аҳәоит атәыла апрокуратура аҳәамҭаҿы.

Сака атәыла ахадас дыҟан 2004-2009 шықәсқәа раан.

Ареспублика Ель-Сальвадор Ацентртә Америкаҿ еиҳа ауаа рацәа ахьынхо ҳәынҭқарроуп. Сальвадор ацәгьоурақәа ахьырацәоу тәылоуп ҳәа иазыԥхьаӡаны ауааԥсыра реиҳараҩык абџьар ныҟәыргоит.