Урыстәылатәи аԥсшьаҩы машьынала илысыз амилициа аусзуҩ даанкылоуп

1977 шықәса рзы ииз урыстәылатәи аԥсшьаҩы амҩатә машәыр иахҟьаны дҭахеит Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблаҿ, цәыббра 9 ауха.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 13– Sputnik. Амҩатә милициа аусзуҩ Даниил Ванаба, арыжәтә ыжәны машьынала Цандрыԥшь аҳаблаҿ аԥҳәыс илысыз, даанкылоуп ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны апрокурор хада ауаажәларратә еимадарақәа рзы ицхырааҩ Даур Амҷба.

"Гагра араион ақәҵарала, арыжәтә ыжәны автомашьына "Митсубиси Грандис" аԥсҟы зкыз, Цандрыԥшь аҳаблаҿ москватәи аԥсшьаҩԥҳәыс илысыз, даанкылоуп. Макьаназы аҩнытә рбаандаҩра иқәуп", — иҳәеит иара.

Апрокурор ицхырааҩ иажәақәа рыла, аԥҳәыс иара уа лыԥсҭазаара далҵит илоуз аахақәа ирыхҟьаны. Гагра араион апрокуратура ашьаус хацнаркит Аԥсны ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 263 аҟәша 4 инақәыршәаны.