Аҵәахырҭатә банк иақәлаз аанкылоуп

Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь ааигәара иҟоу Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит цәыббра 10, 12:50 сааҭ рзы.
Sputnik

АҞӘА, цәыббра 14 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит ҳәа Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 13:00 рзы. Мышқәак рышьҭахь абанк аҟәша иақәлаз ауаа аанкылан. Абри атәы аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

"Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусҭҵааратә ҟәша ашьаус хацнаркит ауаҩытәыҩса иԥсҭазаара ашәарҭара иҭаргыланы атәым мазара атәтәразы ақәылара амҩаԥгара инадҳәаланы", — ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҵәахырҭатә банк ақәлара иазкны ашьаус хацнаркит

Аԥсны аҵәахырҭатә банк аҟәша иақәлеит ҳәа Аҟәа ақалақь Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҷаԥшьаратә хәҭахьы адырра ҟаҵан асааҭ 13:00 рзы.

Цәыббра 10, асааҭ 12:40 рзы абанк ишақәлаз асабрадақәа зҿаз хҩык ахацәа. Абџьар рхы иархәаны 205 нызқь мааҭ аԥара ргеит.

Аоперативтә усзуҩцәа ишьақәдыргылеит ацәгьоуцәа злабналаз автомашьына амарка.

"Аамҭақәак рышьҭахь уи автомашьына Аҟәа араион аҿы ирбеит", — ҳәа аҳәоит аусбарҭа.

Аԥсны аҵәахырҭатә банк иашьаҭаркҩуп аҳәынҭқарра ахьӡала иқәгыло Амилаҭтә банк. Иахьазы абанк активқәа идыртәоит 45%. Аҵәахырҭатә банк аҟәшақәа 7 амоуп.