Арадио

Ҳашыг: аныҳәатә қәгыларақәа рҟны аҿар зырхәыцша ҟалоит

Аиааира 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку усмҩаԥгатәқәа рҟны аҿар зырхәыцша атеаралтә қәгылара ҟалоит ҳәа азгәалҭеит арадио Sputnik аефир аҟны Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыг.
Sputnik
Ҳашыг: аныҳәатә қәгыларақәа рҟны аҿар зырхәыцша ҟалоит

"Аныҳәатә уснагӡатәқәа рзы асценари аҳҭнықалақь акультура аҟәшаҟны иаҳаҩҩуеит ҳахшыҩ еилаҵаны, анаҩс Аҟәа ахада иҳарбоит ишьақәирӷәӷәарц, режиссиорк иаҳасабала аӡәгьы дааҳгаӡом. Амала аҳәынҭқарратә филармониаҿы иҟало ақәгылара уархәыцыртә иҟазар ҳҭахын, Ҭемыр Кәакәасқьыри сареи еицаҳаҩҩит асценари.  Уи атеатралтә қәгылараҿы ҳара хықәкыс иҳамоу ҳаибашьцәа аветеранцәа рзааҭгылара, иара убас иахьатәи аҿар ҳаибашьра аҭоурых дырдырра, апатриотизм рылааӡара. Абри апрограмма аҿар неины ирбар, изырхәыцша акәхоит ҳәа сгәы иаанагоит", — лҳәеит Ҳашыг.