Ашәарыцара иазыхиоуп: алақәа рцәыргақәҵа

Sputnik

Ацәыргақәҵахь инаган 30 рҟынӡа лажәла еилаԥса: англиатәи поинтер, англиатәи сеттер, ирландиатәи сеттер, шотландиатәи сеттер, дратхаар, курцхаар. Алақәа ацәыргақәҵахь рнеира азин ҟаҵан аветеринартә гәаҭара ианахыс ашьҭахь.

1 / 8
Алақәа рыла ишабо, рхахәы аҭагылазашьа зеиԥшроу, рхаԥыцқәеи гәарҭоит.
2 / 8
Ацәыргақәҵахь инаган англиатәи поинтер, англиатәи сеттер, ирландиатәи сеттер, шотландиатәи сеттер, дратхаар, курцхаар
3 / 8
Алақәа ацәыргақәҵахь рнеира азин ҟаҵан аветеринартә гәаҭара ианахыс ашьҭахь.
4 / 8
Ацәыргақәҵахь инаган 30 рҟынӡа лажәла еилаԥса.
5 / 8
"Ҳара ҳхатә ҟазацәа ахьҳамам инамаданы иааҳаԥхьоит Урыстәылеи Европеи рҟынтәи азанааҭуаа. Рԥышәа ҳамардоит", — иҳәоит ашәарыцацәеи аԥсыӡкцәеи рреспубликатә еилазаара аиҳабы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.
6 / 8
"Ацәыргақәҵа мҩаԥаагоит ашьацқьа злоу алақәа ралкааразы. Аԥсны еснагь ашәарыца ла бзиақәа ныҟәыргон. Ҳара ҳҿаԥхьа дҵаны иқәгылоуп ашәарыца лааӡара арҿиара", - иҳәеит Кәыҵниа.
7 / 8
Ацәыргақәҵаҟны иаииаз алақәа рыԥшәмацәа иранашьахоит аҳаҭыртә бӷьыцқәеи, амедалқәеи.
8 / 8
Есышықәсатәи ацәыргақәҵақәа мҩаԥыслоит аԥхын анҵәамҭаз.