Арадио

Кәакәасқьыр: азакәан арџьбарaра сақәшәаҳаҭуп, уи аус аҳаруазар

Аԥсны жәлар реизара V ааԥхьра депутатс иҟаз Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы иазгәеиҭеит анаркотикатә маҭәашьарқәа ӡҭиуа - ашьра рықәҵара дшақәшаҳаҭу атәы.
Sputnik

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Кәакәасқьыр анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭиуа ирызкны
"Азакәан арџьбарра сақәшәаҳаҭуп уи аус аҳаруазар, аха ус баша ҳалацәажәеит, ажәлар идҳарбеит акы ҳшаҿу, аус шаҳуа ҳәа иалацәажәозар, уи баша усуп. Анаркотикатә маҭәашьарақәа хыԥхьаӡара рацәала атәыла иалазгало хықәкыс имаз еилкаатәуп. Уи аҳәынҭқарра ашәарҭадара аҵшәаара, аԥсуа милаҭ ақәгара акәзар, хымԥада ашьра иқәҵатәуп", — ҳәа азгәеиҭеит Кәакәасқьыр.