Арадио

Кәарацхьелиа: аӡахәа ишахәҭоу нап адукылар аҽаҩра бзиа аанашьҭуеит

Дәрыԥшь ақыҭан ажь зааӡо Алхас Кәарацхьелиа арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит сынтәа ажь аҽаҩра шыбзиоу.
Sputnik
Кәарацхьелиа: аӡахәа ишыуааӡо еиԥш ахы мҩаԥнагоит

"Ҳабдуцәа ҳабацәа ажь аҵла иақәҵаны ауп ишырааӡоз, аха ҳара иахьа аашьара ҳалазар ҟалап, уи ауп аграф иақәҵаны, ашьаҟақәа арсны изыҟаҳҵо. Аха иара ишахәҭоу еиԥш ақәҵашьа уақәшәар, шьаҭак аҿы быжьба-ааба кьыла ажь ҿыҵуеит. Ҳарада, ицәгьоуп аҵла ухаланы ажь аҭаара, аџьабаа ду ацуп, алыҵшәагьы бзиахоит. Аха уажә иҳамоу аӡахәақәа ирнаалоит аграф иқәҵаны, аҽаҩра бзиагьы аанашьҭуеит, аџьабаа маҷымкәа иацуп", — ҳәа азгәеиҭеит Кәарацхьелиа.