Арадио

Зарандиа: анаркотикқәа здызкыло ахьынӡаҟоу, иара ааргалоит

Аԥсны адукатцәа рпалата ахада Иван Зарандиа арадио Sputnik Аԥсны аефир ала ицо адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҿы иазгәеиҭеит ҳтәылаҿы анаркотикқәа здызкыло рыхәшәтәрада иҟоу аҭагылазаашьа аҽшамԥсахуа.
Sputnik

Коӷониаԥҳа лымҩаду: Зарандиа анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭиуа ирызкны
"Азакәан иҳамоу- закәан бзиоуп, закәан ӷәӷәоуп. Уи аусура ҳара ҳтәқәа рыла, анаркотикатә маҭәашьарқәа аазго, рыла ҳалагар, ауп аусахь ҳанкылсуа. Асоветтә аамҭазы анаркоман данырклак ахара ирҭаанӡа, ахәышәтәырҭахь ддәықәырҵон. Еилаҳкаауазар ауп, анаркотикқәа здызкыло ахьынӡа ыҟоу,  иара шааргало. Ишырҳәо еиԥш, атауар ргонаҵа иааргалоит. Убри хшыҩзышьҭра аҭатәуп, мамзар иааҟаҳҵо зегьы башоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Зарандиа.