Арадио

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа ахақәиҭтәра амш аҳҭнықалақь аҿы ишазгәаҭахо

Аҟәа ахақәиҭтәра амш 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаԥгатәқәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара акультура аҟәша аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.
Sputnik

"Аныҳәатә программа иалагоит асааҭ жәаба рзы Аҳьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Афилармониаҿы асааҭ хԥа рзы ахәаԥшцәа идырбахоит атеатралтә қәыргыламҭа. Асааҭ фба рыбжа рзы Баграт Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы имҩаԥсуеит апоезиатә хәылԥазы. Иара убас уи аҭыԥаҿ еиҿкаахоит ахәыҷқәа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Асааҭ быжьба рыбжа рзы Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥгахоит аконцерт. Асааҭ ааба рзы Аҟәа ақалақь ахадара еиҿнакаауеит Емма Хәаџьаа лфильм ҿыц аӡыргара. Асааҭ жәаба рзы ақалақь ауааԥсыреи уи асасцәеи ирбар рылшоит аныҳәатә салиут", — ҳәа азгәалҭеит Ҳашыгԥҳа.